Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла алышәшәақәа леиуам, аҳауа атемпература шьҭыҵуеит
Иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла алышәшәақәа леиуам, аҳауа атемпература шьҭыҵуеит

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра иааиуа амшқәа рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Агентра адыррала, абҵара 10 рзы Қырҭтәыла регионқәак рҿы ақәа леиуеит,  абҵара  11-13 рзы алышәшәақәа леиуам.

Қарҭ амш бзиахоит. Абҵара 10 рзы аҧша асуеит. Абҵара 11 рзы, шьыбжьон  +14, +16 градус ҧхаррахоит, абҵара  12-13 рзы аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +20, +22 градус аҟынӡа.