Ҳазҭагылоу амчыбжь азы Стив Уиткофф Москва даҭаауеит
Ҳазҭагылоу амчыбжь азы Стив Уиткофф Москва даҭаауеит

ЕАШ ахада ахаҭарнак ҷыда Стив Уиткофф ҳазҭагылоу амчыбжь азы Москва даҭаауеит. Ари аинформациа шьақәирӷәӷәеит Урыстәыла ахада ибжьагаҩ Иури Ушаков.

Украинатәи азҵара аҭыԥқәҵара аҳәаақәа ирҭанӡаны ари Уиткофф аԥшьбатәи ивизитуп.