"Ҳамас" имҩаҧнагаз атерракт амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 600ҩык рҟнынӡа ишьҭыҵит,  2000ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит  
"Ҳамас" имҩаҧнагаз атерракт амшала иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара 600ҩык рҟнынӡа ишьҭыҵит,  2000ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит  

АИХқәа рдыррақәа рыла, “Ҳамас” имҩаҧнагаз атерракт амшала иҭахаз Израиль атәылауаа  рхыҧхьаӡара 600ҩык рҟнынӡа ишьҭыҵит,  2000ҩык иреиҳаны ахәрақәа роуит.

Израиль атәылахьчаратә мчқәа Ҳамас иааннакылаз аҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәразы аперациа ҷыда мҩаҧыргоит.

Ҕаза асектор ажәылараан  «Ҳамас» ақәҧаҩцәа аҳәааҿ иҟаз  30 раҟара анхарҭатә пунктқәа  импыҵахаланы иргеит.

Израильтәи аруаа 22 анхарҭатә пунктқәа  дырхынҳәхьеит.

Уажәазы 8 аиланхарҭак  Ҳамас аибашьцәа рнапаҿы иҟоуп.