Британиа ду Украина аԥшыхәратә дырраҭа аҭара нанагӡоит, – аанацҳаит Guardian.
Акьыԥхь аинформациа ала, «Британиа Ду азханаҵоит, Европатәи атәылақәеи ЕАШ-и иаҳа ирацәаны алшарақәа шрымоу“.
“Арҭ адыррақәа Америка алшарақәа реиԥш амҽхак ду рымаӡам, урҭ рҭыԥ аанкылара рылшом, аха ажәылара иазку адырра Украина заанаҵы аиураҿ иацхраауеит”, – иануп астатиаҿ.
Хәажәкыра 4 рзы аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Дональд Трамп Украина арратә цхыраара зегьы ааникылеит. Хәажәкыра 5 рзы еилкаахеит Америка Украина аԥшыхәратә дыррақәа рыҭара шааннакылаз.