Григол Гегелиа — Ақәҧаразы ҳхы иаҳархәо аметод 3 компонентк рыла ишьақәгылоуп, ҳара Қырҭтәыла Урыстәыла иазҭаз ацәгьауратә режим арҧсыҽразы ахархәагақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит
Григол Гегелиа — Ақәҧаразы ҳхы иаҳархәо аметод 3 компонентк рыла ишьақәгылоуп, ҳара Қырҭтәыла Урыстәыла иазҭаз ацәгьауратә режим арҧсыҽразы ахархәагақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит

«Ҳара ахырхарҭақәа зегьы рыла компромиссда ақәҧара наҳагӡоит», — иҳәеит  «Лело» алахәыла Григол Гегелиа.

Иара иажәақәа рыла, апротест хымҧада ирҭбаатәуп.

«Насгьы, егьырҭ ахархәагақәа зегьы, де-факто алхрақәагьы уахь инрылаҵаны, ақәҧаразы ҳхы иаҳарәхароуп. Ҳәарада,  ҳара жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аусура наҳагӡоит.  Ақәҧаразы ҳхы иаҳархәо аметод 3 компонентк рыла ишьақәгылоуп, ҳара Қырҭтәыла Урыстәыла иазҭаз ацәгьауратә режим арҧсыҽразы ахархәагақәа зегьы ҳхы иаҳархәоит.  Хара имгакәа, аиҿцәажәарақәа хыркәшаны, ақалақь ахада иҭыҧаз акандидат дықәҳаргылоит. Иара Қарҭи егьырҭ ақалақьқәеи, ақыҭақәеи рырхынҳәра дазықәҧоит, — иҳәеит  Гегелиа.