Григол Гегелиа – Аоппозициатә спектр аҿы акаолициатә еиҳабыра азҵааразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит
Григол Гегелиа – Аоппозициатә спектр аҿы акаолициатә еиҳабыра азҵааразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит

Аоппозициатә спектр аҿы акаолициатә еиҳабыра азҵааразы аконсультациақәа мҩаҧысуеит, — иҳеит апартиа  «Лело» ахаҭарнак  Григол Гегелиа.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа оппозициа ажәлар иддырбароуп акаолициатә еиҳабыра ҧыжәарас иамоу.

«Ника Мелиа иинциатива аҵакы ду амоуп. Уажәы,  зеҧшҟамлац ала аидгылара ҳҭахуп,  ақәҧара ахьынагӡо аҭыҧқәа зегьы рҿы  ҳаиааирц азыҳәан,  ҳалшарақәа зегьы еидаҳкылароуп. Насгьы,  ақырҭуа жәлар идҳарбароуп акаолициатә аиҳабыра ҧыжәарас иамоу,  ари азаарагьы аҵакы ду амоуп. Ақырҭуа жәлар акаолициатә аиҳабыра аидеиа иадгылоит,  уи ҳҭоурыхтә шансуп», — иҳәеит Григол Гегелиа.