Григол Гегелиа — «Трамп имаршрут» ҩ-тәылак мацара ракәымкәа, арегион атәылақәа рыхҧагьы иалахәызар ауп Америка иаҭаху, абри ауп «Лело» еснагь излацәажәо
«Иацы Ереван, Америкеи Шәамахьтәылеи рыбжьара астратегиатә партниорра ахартиа рнапы аҵарҩит. Уажәааны ҳтәыла мацара акәын арегионаҿ Америкаҟны астратегиатә партниорра змаз. Иахьазы, арегионаҿ ҳара заҵә ҳауп Америкаҟны астратегиатә партниорра змам, избанзар, «Ақырҭуа гәахәтәы» имҩаҧырго Қырҭтәыла аҿагыларатә политика амшала, ҳара ари алшара ҳцәыӡит», — иҳәеит апартиа «Қырҭтәыла ҕәҕәа — Лело» алахәыла Григол Гегелиа.
Гегелиа иажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы Еревани Бақәеи дырҭааит Америка авице-ахада, уажәы Ереван даҭааит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ, уи аамҭазы, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аизолиациаҿы иҟоуп.
«Шәамахьтәыла ахыхьчаралшара арҕәҕәаразы 9 миллиардк аиуит, аинвесторцәа дуқәа рыбзоурала жәанызқьла аусуратә ҭыҧ ҿыцқәа аҧырҵеит. Урыстәыла иадгыло арежим ҳекономикатә перспективақәа дырбгоит. Азербаиџьани Шәамахьтәылеи аҭоурыхтә ҵакы змоу аҭынчра шьақәдыргылеит, аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи иазку Трамп имаршрут азы ашьаҭа ҕәҕәа аҧырҵеит, убри аамҭазы, Қырҭтәыла, ахатә аҭоурыхтә роль ацәыӡыр ауеит, атранзиттә маршрут ҿыц Қырҭтәыла иадымкьыслар ауеит, избанзар, акыршықәса раҧхьа, «Ақырҭуа гәахәтәы» арежим, хықәкыла, Анаклиатәи иҵаулоу абаҕәаза апроект ааныркылеит, убри ала, Абжьаратә корридор аперспективақәеи ҳтәыла агеополитикатәи аекономикатәи алшарақәеи ирҧырхагахеит.
Уажәгьы, «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа Анаклиатәи абаҕәаза дыргылар рҭахушәа ақырҭуа жәлар ржьоит. Фышықәса раҧхьа аҕбақәа здызкылараны иҟаз абаҕәазаҿ изакәызаалак акгьы мҩаҧысуам, избанзар, Путин ицәшәо Иванишвили хықәкык ауп имоу — Қырҭтәыла аҩныҵҟа зҵакы дуу, ақырҭуаа ирыхәаша акгьы ҟамлароуп.
Америка Аҳәынҭқарратә департамент иаҭаху еилкаауп: «Трамп имаршрут» ҩ-тәылак мацара ракәымкәа, арегион атәылақәа рыхҧагьы иалахәызар ауп Америка иаҭаху, абри ауп «Лело» еснагь излацәажәо: 1) Анаклиа, хымҧада, амилаҭтә ҵакы змоу астратегиатә обиект астатус анаршьароуп; 2) Анаклиа Трамп имаршрут иахәҭакны иҟалароуп; 3) Ари абаҕәаза аргылара иалахәызароуп зеиҧшҟамлац ала зҵакы дуу америкатәи европатәи акапитал», — иҳәеит Григол Гегелиа.