Гога Мелиқиӡе  - Ашәарҭара ду змоу атәанчаратә аизгақәа еицырдыруа аилахәырақәа ракциақәа ирыларҵоит, арҭ аилахәырақәа иреиуп  Apple, Samsung, Nestle, Toyota, Google, Louis Vuitton
Гога Мелиқиӡе  - Ашәарҭара ду змоу атәанчаратә аизгақәа еицырдыруа аилахәырақәа ракциақәа ирыларҵоит, арҭ аилахәырақәа иреиуп  Apple, Samsung, Nestle, Toyota, Google, Louis Vuitton

«Атәанчаратә аизгақәа ирхылаҧшуеит зквалификациа ҳараку аинвестициатә хеилак, арҭ аизгақәа Амилаҭтә банк ахылаҧшра аҵаҟа иҟоуп», — иҳәеит Атәанчаратә агентра аинвестициатә офицар еиҳабы  Гога Мелиқиӡе.

Атәанчаратә агентра ахаҭарнакцәа иахьа Амилаҭтә банк аҿы аиҧылара мҩаҧыргеит.

Гога Мелиқиӡе Атәанчаратә агентраҿ имҩаҧысуа аинвестициатә процессқәеи аизгаратә система иалахәы ауааҧсыра зхархәара рылшо 3 портфельки дрылацәажәеит. Иара ишиҳәаз ала,  ауааҧсыра рхатә атәанчаратә аизгақәа иаларҵар ахьырҭаху апортфель рхала иалырхуеит.

«Ашәарҭара ду зцу апортфель иаанаго шәасҳәар сҭахуп  —  ари апортфель азҳара алшара амоуп, избанзар, уи абзоурала, ауааҧсыра иацҵаны аҧара роуеит. Ауаа ртәанчаратә аизгақәа рҟынтә  55%  еиуеиҧшым аилахәырақәа ракциақәа ирыларҵар рылшоит, арҭ аилахәырақәа иреиуп  Apple, Samsung, Nestle, Toyota, Google, Louis Vuitton, убас егьырҭгьы.  Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари апроцесс иалахәы ауааҧсыра реизгақәа Қырҭтәыла азакәан ала ишыхьчоу.  Атәанчаратә аизгақәа ирхылаҧшуеит зквалификациа ҳараку аинвестициатә хеилак, арҭ аизгақәа Амилаҭтә банк ахылаҧшра аҵаҟа иҟоуп», — иҳәеит  Гога Мелиқиӡе.

Иара иажәақәа рыла, Атәанчаратә агентра аусура хықәкыс иамоуп  атәанчаратә аизгақәа рхылаҧшреи рыхьчареи, аизгаратә атәанчаратә система иалахәы ауааҧсыра ринтресқәа иазҧхьагәаҭаны, арҭ аизгақәа  еиуеиҧшым аусхкқәа рахь алаҵареи.