Атәанчаратә агентра активқәа  4,8 млрд лари иаҟароуп
Атәанчаратә агентра активқәа  4,8 млрд лари иаҟароуп

2024 шықәса хәажәкыра 31 рзы иҟоу астатистикатә дыррақәа инрықәыршәаны,  атәанчаратә схема иалахәып  1 миллион 503 нызқьҩык ауааҧсыра, атәанчаратә активқәа рыхә  4,8 миллиард  лари иаҟароуп.

Агентра адыррақәа рыла,  аизгаратә атәанчахә рхы иадырхәахьеит еиуеиҧшым акатегориақәа ирыҵанакәа  8958ҩык, дара атәанчахә аҳасабала ирыҭан  29 257 490 лари.

Иара убас, Атәанчаратә агентра аинвестициатә портфельқәа рхашәала иазку аинформациагьы аланарҵәеит.

2024 шықәса хәажәкыра 31 рзы иҟоу астатистикатә дыррақәа инрықәыршәаны,  2023 шықәса нанҳәа инаркны иахьанӡа азеиҧш ареалтә  (аинфлиациа иазҧхьагәаҭаны) хашәала абас ауп ишыҟоу:

Аконсервативтә портфель 6,27%
Абаланс зызу апортфель 7,73%
Адинамикатә  портфель 8,26%