Атәанчаратә агентра - Адунеи аҿы еицырдыруа аинвестициатә банк JP Morgan Chase жәларбжьаратәи аинвестициақәа рганахьала агентра аброкер-диллерс ҟалеит
Атәанчаратә агентра - Адунеи аҿы еицырдыруа аинвестициатә банк JP Morgan Chase жәларбжьаратәи аинвестициақәа рганахьала агентра аброкер-диллерс ҟалеит

Адунеи аҿы еицырдыруа аинвестициатә банк JP Morgan Chase жәларбжьаратәи аинвестициақәа рганахьала агентра аброкер-диллерс ҟалеит. Ари атәы иануп агентра аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Атәынчаратә агентра ианформациа ала,  JP Morgan Chase атәанчаратә агентра жәларбжьаратәи аинвестициақәа рганахьала аброкер-диллерс ҟалоит, азакәан инақәыршәаны, ахәаахәҭратә транзакциақәа нанагӡоит атәымтә финанстә џьармыкьақәа рҿы.

„Хәажәкыра 22 инаркны, Атәанчаратә агентра аднакылаз аӡбара инаҟәыршәаны, аинвестициатә портфель адиверсификациа активтә фаза алагеит. Ари иалҵшәаны, иашьҭанеиуа етапс ҟалоит аԥара аглобалтә финанстә инструментқәа ралаҵара“, – аарыцҳаит агентра аҟынтә.