Гиули Аласаниа - Польшатәи аҳақьымцәа рҟны аимадара сымамызт, сара исхароу еилыскауам
Гиули Аласаниа - Польшатәи аҳақьымцәа рҟны аимадара сымамызт, сара исхароу еилыскауам

Польшатәи аҳақьымцәа рҟны аимадара сымамызт, сара исхароу еилыскауам, – илҳәеит Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иан Гиули Аласаниа Апенитенциартә маҵзура иацы аланарҵәаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Апенитенциартә маҵзура ҷыда Михеил Саакашвили иҟны польшатәи аҳақьымцәа рвизит иазкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аҳәамҭа аҿы ишану ала, авизит аан аҭыԥ аман аинцидентк –  польшатәи ҳақьымк Михеил Саакашвили иҟынтә иигаз аиуа ақьаад алаиҳәан, иеимаа иҭаҵаны маӡала уи агара иҭахын.