Германтәыла раҧхьаӡа акәны ишьақәнарҕәҕәеит Амилаҭтә шәарҭадара астратегиа, уаҟа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларагьы иалацәажәоит
Германтәыла раҧхьаӡа акәны ишьақәнарҕәҕәеит Амилаҭтә шәарҭадара астратегиа, уаҟа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларагьы иалацәажәоит

Германтәыла раҧхьаӡа акәны ишьақәнарҕәҕәеит Амилаҭтә шәарҭадара астратегиа, уаҟа Евроеидгылахь Қырҭтәыла алаларагьы иалацәажәоит.

76 даҟьала еиқәыршәоу адокумент ишану ала, Германтәыла ашәарҭадара аполитикаҿы ахадаратә ҳасабтәуп Германтәыла аҭынчреи ахақәиҭреи ахьчара.

Астратегиа ишану ала, Германтәыла, аҩныҵҟатәи аалыҵ наӡа аҟынтәи  2%  арратә харџьқәа ирыхҭырҵараны иҟоуп.

Адокументаҿ Евроеидгыла арҭбаарагьы иалацәажәоит, абри аконтекстаҿ иарбоуп Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи.

«Ҳара хықәкыс иҳамоуп зхы иақәиҭу, иаку, аҭынчратә Европа арҕәҕәара. Евроеидгыла  ахатә шәарҭадареи игыло абиҧарақәа рхьыҧшымреи еиқәзыршәо агеополитикатә хәмарҩыс иҟазар ҳҭахуп. Германтәыла анапхгара, Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәеи, Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рыдкылара ала  Евроеидгыла арҭбаара иадгылоит», — иануп адокументаҿ.

Иара убас, адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, Евроеидгыла арҭбаара аҽазыҟаҵаразы Евроеидгыла аҩныҵҟа ареформақәа мҩаҧгатәуп.