Германтәыла, Магдебург аныҳәатә џьармыкьаҿ иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара ԥшьҩык рҟынӡа инаӡеит
Германтәыла, Магдебург аныҳәатә џьармыкьаҿ иҭахаз ауаа рхыԥхьаӡара ԥшьҩык рҟынӡа инаӡеит, – аанацҳаит Германтәыла ауаажәларратә дырраҭара.
Ахәрақәа роуит 200-ҩык иреиҳаны.
41-ҩык рыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылоуп. 90-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп, 80-ҩык иреиҳаны ахәра мариақәа роуит.
Ԥхынҷкәын 20 рзы, хәылбыҽхан, Саксониа-Анҳальт аҳҭнықалақь Магдебург, амашьына аныҳәатә џьармыкьаҿ иҟаз ауаа ирылалеит.
Аполициа аинформациала, аныҳәатә џьармыкьаҿ ауаа ирықәлаз ахаҿы Саудтәи Аравиа атәылауаҩ иоуп. Ачинуаа ишаарыцҳаз ала, ацәгьоуҩы “Германтәыла альтернатива” алахәыла Ҭалеб А. иоуп, уи аџьармыкьа ааигәара даанкылан. Ҭалеб А. Саудтәи Аравиа, Ҳуԥуԥ ақалақь аҿы диит, 2006 шықәса хәажәкыразы Германтәыла аҵраиурҭа дҭалеит. 2016 шықәса ԥхынгәы азы уи ахҵәа истатус ианашьан, избан акәзар идин аԥсахра амзызла, ишьра рҭахын.
Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, ацәгьоуҩы аԥсихикатә еилашәара имоуп.