Германтәыла даанкылоуп атеррористтә жәылара аиҿкааразы гәҩарас ирымоу аџьам хаҵа  
Германтәыла даанкылоуп атеррористтә жәылара аиҿкааразы гәҩарас ирымоу аџьам хаҵа  

Германтәыла даанкылоуп атеррористтә жәылара аиҿкааразы гәҩарас ирымоу 32 шықәса зхыҵуа аџьам хаҵа. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Аҭыжьымҭа адыррала, зыӡбахәы ҳәоу ахаҵа, исламтәи ажәылара аиҿкаара амзызла, ацианиди арицини ааихәеит.

Аполициа аусзуҩцәа арҭ амаҭәашьарқәа рбеит  Кастроф-Рауксел ақалақьаҿ, гәҩарас ирымоу ахаҵа инхарҭа аимдараан.

„ВВС“ аинформациала, даҽаӡәгьы даанкылоуп, аха, уи ихьӡ макьана ирҳәом.