Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа  - Ацҳаражәҳәарҭа адемонстрантцәа русқәа рзы имҩаҧысуа аӡбаратә процессқәа ирыцклаҧшуеит,  иҳаҩсыз амчыбжь азы ҳареи,  европатәи,  америкатәи,  британиатә ҳпартниорцәеи арҭ апроцессқәа рҿы ҳаҟан

«Ззинқәа ирзықәҧо ауаа хықәкыла рышьҭазаара Қырҭтәыла адемократиеи,  аӡбаратә системеи,  азакәан ахадара  апринципқәеи ирҧырхагоуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, ацҳаражәҳәарҭа адемонстрантцәа русқәа рзы имҩаҧысуа аӡбаратә процессқәа ирыцклаҧшуеит.

«Иҳаҩсыз амчыбжь азы ҳареи,  европатәи,  америкатәи,  британиатә ҳпартниорцәеи Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿ имҩаҧысуаз аӡбаратә процессаҿ ҳаҟан. Аӡбарҭаҿы азин ахадара апринцип ахьчара ҳацклаҧшуан. Иаанкылоу ауаа азинхьчаратә органқәа рҳәатәы ахамҵара рхарарҵоит. Урҭ реиҳара апротестқәа раан аполициа аган аҟынтә амчылара рхыргеит.  Ззинқәа ирзықәҧо ауаа хықәкыла рышьҭазаара Қырҭтәыла адемократиеи,  аӡбаратә системеи,  азакәан ахадара  апринципқәеи ирҧырхагоуп», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.