Германтәыла, амашьына аныҳәатә џьармыкьаҿ иҟаз ауаа ирылалеит, аӡәы дҭахеит, 80-ҩык ахәрақәа роуит
Германтәыла, амашьына аныҳәатә џьармыкьаҿ иҟаз ауаа ирылалеит, аӡәы дҭахеит, 80-ҩык ахәрақәа роуит

Германтәыла, Магдебург ақалақь аҿы, амашьына аныҳәатә џьармыкьаҿ иҟаз ауаа ирылалеит. Аихқәа ишаарыцҳаз ала, аӡәы дҭахеит, 80-ҩык ахәрақәа роуит.

Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзуун ацхыраара лас агәыԥқәа.

Аҭыԥантәи чинуаҩ аихқәа рахь ишааицҳаз ала, ари гәҭакылатәи жәыларан. Иларҵәаз адыррақәа рыла, ацәгьоуҩы даанкылоуп.

Ахҭыс иадҳәаланы аҳәамҭа ҟаиҵеит Германтәыла аканцлер Олаф Шольц.

“Сныҳәоит иҭахази ахәрақәа заузиурҭ рыуацәеи рзы. Дареи магдебургааи зегьы ҳрыдгылоит”, – иҩит Шольц.