Гебреиесус - Ибеиоу атәылақәа рҿы аҿар авакцинақәа рзыҟаҵара иаҿуп, аха, иҕару атәылақәа рҿы зықәрахь инеихьоу ауаа макьана авакцинақәа рзыҟарымҵацт, уи ииашам
Гебреиесус – Ибеиоу атәылақәа рҿы аҿар авакцинақәа рзыҟаҵара иаҿуп, аха, иҕару атәылақәа рҿы зықәрахь инеихьоу ауаа макьана авакцинақәа рзыҟарымҵацт, уи ииашам
Ибеиоу атәылақәа рҿы аҿар авакцинақәа рзыҟаҵара иаҿуп, аха, иҕару атәылақәа рҿы зықәрахь инеихьоу ауаа макьана авакцинақәа рзыҟарымҵацт, уи ииашам, — иҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Гебреиесус Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа асессиаҿы данықәгылоз.
Иара ишиҳәаз ала, адунеи аҿы авакцина ҭрыжьхьеит, аха, акаронавирус уезгьы ишәарҭоуп, уажәазы адунеи аҿы даҽа проблемак цәырҵит – ииашаны авакцина аизшара.
«Адунеи аҿы ауаа зегьы авакцина аиура алшара рзеиқәыршәатәуп, убри ауп апандемиа ахыркәшара изхьыҧшу. Ҳара абра ҳахьынӡацәажәо, ибеиоу атәылақәа рҿы аҿар авакцина рзыҟаҵара иаҿуп, аха, иҕару атәылақәа рҿы амедицинатә персоналгьы макьана авакцина рзыҟарымҵацт, уи ииашам», — иҳәеит Гебреиесус.