Газа асектор агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, Израиль авиажәыларақәа рымшала Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 1900-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Газа асектор агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, Израиль авиажәыларақәа рымшала Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 1900-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Газа асектор агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, Израиль авиажәыларақәа рымшала Газа иҭахаз рхыԥхьаӡара 1900-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ахәрақәа роуит 7696-ҩык.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аԥсыҭбарақәа иреиуп 614-ҩык ахәыҷқәеи 370-ҩык аҳәсеи.

Израиль атәылахьчаратә мчқәа рдыррақәа рыла, Израиль аҵакыраҿ иршьит 1500-ҩык палестинатәи атерористцәа.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, аӡиас Иордан мраҭашәаратәи аҟәараҿы аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара 49-ҩык иаҟароуп, ахәрақәа роуит 950-ҩык иреиҳаны.