Палестина аԥыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Палестина аԥыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Палестина аԥыза-министр Моҳаммед Штаие инапынҵақәа шьҭеиҵеит, – аанацҳаит “Роитер”.

Аинформациатә агентра адыррақәа рыла, ари ашьаҿа уи ҟаиҵеит ЕАШ Палестина ахада Маҳмуд Аббас иқәыӷәӷәара иахҟьаны.

Штаие иҟаиҵаз аҳәамҭала, администрациа ҿыц хәымзтәи ақәԥарақәа рымшалаиқәху Газа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа цәгьа азыԥхьагәанаҭароуп.

Палестина ԥасатәи аԥыза-министр иажәақәа рыла, иашьҭанеиуа аетап ала “аиҳабыра ҿыц аԥҵареи аполитика ҿыц амҩаԥгареи азыԥхьагәаҭоуп – Газа иҟоу ареалра абареи, аиҿцәажәарақәеи, палестинаа рыбжьара аконсенсус ахымԥадареи”. Штаие ишааицҳаз, иашьҭанеиуа аетап аҿы́ “анапхгара рзинмчқәа ҭбаатәуп”.