Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 89-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 89-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Гаваи агубернатор ишааицҳаз, адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 89-ҩык рҟынӡа инаӡеит.

Агубернатор Џьош Грин ишааицҳаз, иҭахаз рхыԥҳьаӡара иҵегьы иазҳар ҟалап, ауааԥсыра арзи азы рҽазыҟарҵароуп.

Амцарцәаҩцәа мраҭашәарахь ала  иларҵәаз амцакра 80% аконтроль азыруеит. Аевакуациа аҭахым ҳәа аарыцҳауеит.

Агубернатор ишазгәеиҭаз ала, ари амцакра Гаиваи аҭоурых аҿы зегь реиҳа идуӡӡоу аԥсабаратә рыцҳароуп. Ақалақь Лаҳаина 80% иблит.

Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны абна абылра нанҳәа 8 рзы алагеит.