Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 67-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 67-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Аинформациатә агентра “Роитер” ишаанацҳаз, Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан иҭахаз рхыԥҳьаӡара 67-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Акьыԥхь аинформациала, шәҩыла атәылауаа рхабар рыздырӡом.

Гаваи агубернатор Џьош Грин ишааицҳаз, ари амцакра Гаиваи аҭоурых аҿы зегь реиҳа идуӡӡоу аԥсабаратә рыцҳароуп. Ақалақь Лаҳаина 80% иблит.

Амцарцәаҩцәа амца арцәара уажәгьы иаҿуп.

Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны абна абылра нанҳәа 8 рзы алагеит.