Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан 55-ҩык ҭахеит
Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан 55-ҩык ҭахеит

Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны иҟоу амцакраан 55-ҩык ҭахеит, шәҩыла атәылауаа рхабар рыздырӡом.

Гаваи агубернатор Џьош Нрин ишааицҳаз, ари амцакра Гаиваи аҭоурых аҿы зегь реиҳа идуӡӡоу аԥсабаратә рыцҳароуп. Ақалақь Лаҳаина 80% иблит.

Амцарцәаҩцәа амца арцәара уажәгьы иаҿуп.

Гаваитәи адгьылбжьаха Мауи аҟны абна абылра нанҳәа 8 рзы алагеит.