Гьаргәал Лилуашвили иҭахаз азкра ҷыдақәа ргәыԥ ахаҭарнак Иване Голашвили ҳаҭырла игәалаиршәеит
Гьаргәал Лилуашвили иҭахаз азкра ҷыдақәа ргәыԥ ахаҭарнак Иване Голашвили ҳаҭырла игәалаиршәеит

Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аиҳабы Гьаргәал Лилуашвили иҭахаз азкра ҷыдақәа ргәыԥ ахаҭарнак Иване Голашвили ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Иване Голашвили 2017 шықәса абҵара 21-22 рзы Қарҭ, Абер Габриел Салоси имҩаҿ имҩаԥысуаз Ахмед Чатаев иаанкалараан дҭахеит.

Аоперациа ҷыдаан ахәрақәа роуит ԥшьҩык азакәанхьчаҩцәа.

Иване Голашвили аҭахарашьҭахь “Афырхаҵаразы” Вахтанг Горгасали имедаль ианашьан.

Иване Голашвили дҭахеижьҭеи бжьышықәса ҵит.