Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху Асержантцәа ракадемиаҿ „Арратә лагерь" ихыркәшоуп
Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху Асержантцәа ракадемиаҿ „Арратә лагерь" ихыркәшоуп

Аԥхынтәи „Арратә лагерь” ихыркәшоуп. Коџьори, Гьаргь Анҵухелиӡе ихьӡ зху Асержантцәа ракадемиа ашҭаҿ еизаз ақәыԥшцәа Атәылахьчара аминистри Аҵара аминистри рхаҭыԥуаа, Гьыргәал Гиоргаӡеи Ҭамар Махарашвилии ирԥылеит.

Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, арратә лагерь хықәкыс аман аҿар ииашоу ихырҳагоу апринципқәа рылааӡара. Арратә лагерь аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿар аинтерес зҵоу еиуеиҧшым ауснагӡатәқәа рхы рыладырхәыр рылшеит, арратә ус ҭырҵаауит, атренингқәа ирхысуит.

Апроект „Арратә лагерь” рашәара 25 рзы алагеит. Зынӡа алагерь рхы аладырхәит 800-ҩык аҵаҩцәа, аротациа цыҧхьаӡа иалахәызаауеит 100-ҩык раҟара.