Франциа ацҳаражәҳәарҭа - Франциа мшаҧы 9 рзы ахьыҧшымра азықәҧара амшала асоветтә ар иршьыз ақырҭуа аҳәсеи ахацәеи ҳаҭырла иргәаладыршәоит
Амилаҭтә акзаара амш аҧхьа, Франциа 1989 шықәса мшаҧы 9 рзы ахақәиҭреи ахьыҧшымреи азықәҧара амшала асоветтә ар иршьыз ақырҭуа аҳәсеи ахацәеи ҳаҭырла иргәаладыршәоит, – иануп Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәарҭа Феисбуқ аҿы иаланарҵәаз аҳәамҭаҿы.
„Франциа ахьыҧшымреи, адемократиеи, евроинтеграциеи иазықәҧо ақырҭуа жәлар наҟ-наҟгьы ирыдгылоит“, – иануп Франциа ацҳаражәҳәарҭа аҳәамҭаҿы.