Франциа аладатәи ахәҭаҿы абна былуеит
Франциа аладатәи ахәҭаҿы абна былуеит

Франциа аладатәи ахәҭаҿы абна былуеит. Амцакра мрагыларатәи Пиренеи атәылаҽацә аҿы 500 га аҵакыра аҿы иларҵәеит. Аевакуациа рзыруит 2000-ҩык.

Афранциа Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациа ала, амца аларҵәара иахылаԥшуеит. Аха аҭагылазаашьа даараӡа ишәарҭоуп. Амцарцәараан ахәрақәа роуит 17-ҩы́к амцарцәаҩцәа.

Амцакра нанҳәа 14 рзы алагеит.