Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит зыԥшра ҟамҵакәа Беларус иқәҵырц
Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит зыԥшра ҟамҵакәа Беларус иқәҵырц

Франциа Адәныҟатәи аусқәа рминистр атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит зыԥшра ҟамҵакәа Беларус иқәҵырц. Аусҳәарҭа авебдаҟьа ианылаз аҳәамҭаҿ ишану ала, Беларус иҟоу Франциа атәылауаа ирабжьаргоит зыԥшра ҟамҵакәа Беларус иқәҵырц, Беларус аҭаарааҟынтә рҽааныркыларц.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, Украина иаҿагыланы Урыстәыла имҩаԥнаго аибашьреи Беларус аҳауатә қәыԥшылара аилагареи ирыхҟьаны, Беларус аҭааразы арекомендациа ҟарҵом. Аминистрра атәылауаа ирабжьаргоит Беларус Лиетувеи, Латвиеи ма Польшеи рҳәааҿ иҟоу аужьра-гәаҭаратә пунктқәа рыла аанрыжьырц.

Абри еиԥш аҳәамҭақәа ҟарҵеит Германтәылеи Канадеи русҳәарҭақәагьы.

Уаанӡа  ЕАШ анахгара ахатә атәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵеитУкраинаҿ урыстәылатәи аинтервенциа иахҟьаны, зыԥшра ҟамҵакәа Беларус иқәҵырц.