Евровизиа аҩбатәи афиналбжаҿ Нуца Бузалаӡе 11-тәи аномерс дықәгылоит
Евровизиа аҩбатәи афиналбжаҿ Нуца Бузалаӡе 11-тәи аномерс дықәгылоит

Лаҵара 9 рзы, Евровизиа аҩбатәи афиналбжаҿ Қырҭтәыла аҳаҭарнак Нуца Бузалаӡе 11-тәи аномерс дықәгылоит.

Firefighter –  абас ахьӡуп   2024 шықәсазы Қырҭтәыла аконкурстә ашәа. Ари ашәа Нуца илзырҩит Дарко Димитрови Ада Саткеи. Иара убас аҩбатәи афиналбжатә конкурс аҿы иқәгылоит: Австриа, Мальта, Швеицариа, Бырзентәыла, Чехиа, Албаниа, Даниа, Шәамахьтәыла, Израль, Естониа, Нидерланды, Норвгиа, Латвиа, Сан-Марино, Бельгиа.

Сынтәа Евровизиа ашәаҳәаратә конкурс мҩаҧысуеит Швециа, Малме ақалақьаҿ,  лаҵара  7, 9,  11 рзы.

Актәи афиналбжатә конкурс аҿы иқәгылоит: Украина, Кипр, Польша, Сербиа, Лиетува, Хорватиа, Ирландиа, Словениа, Исландиа, Финлиандиа, Португалиа, Лиуксембург, Австралиа, Азербаиџьан, Молдова.

Аконкурс аҵасқәа рыла, Франциа, Германтәыла, Британиа Ду, Испаниа, Италиа, Швециа афинал ахь автоматла ииасуеит.