"Европатәи Қырҭтәыла"  алахәылацәа ргәаанагарала, Елисашвили апарламент алаларазы аҿыҵга дашьҭоуп
 "Европатәи Қырҭтәыла"  алахәылацәа ргәаанагарала, Елисашвили апарламент алаларазы аҿыҵга дашьҭоуп

 

«Елисашвили иаҳзықәиргылаз ахарадҵара сзеилкаауам. Иара аоппозициатә партиақәа реиҩшьара иҽазикит, уи зиҭаху сзеилкаауам», — иҳәеит «Европатәи Қырҭтәыла» алахәыла Серго Капанаӡе апартиа  «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Капанаӡе иҳәамҭала, Елисашвили апарламент алаларазы аҿыҵга дашьҭазар ҟалап.

«Иара ишиҳәаз ала, ҳара аҧара игеит ҳәа изаҳҳәеит. Ҳара асаботаж ҳхараиҵеит. Абри зегьы мцуп. Елисашвили апарламент алаларазы аҿыҵга дашьҭазар ҟалап. Иара апарламент далалар иҭахызар, аргама иҳәароуп апарламент салалоит ҳәа.  Ҳара абоикот наҳагӡоит, избанзар алхрақәа ирҩашьан, ауаа алхра аҟаҵара азин рымырхит», — иҳәеит Капанаӡе.

Апартиа «Атәылауаа» алидер Алеко Елисашвили иахьа ишиҳәаз ала, аоппозициеи анапхгаратә партиеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа қәҿиарала ихыркәшахар, иара апарламент далалоит.