Европарламент арезолиуциа – Уажәшьҭарнахыс Венгриа «алхратә автократиа» ҳәа азуҳәар ҟалоит, уаҟа еиҧҟьарада алхрақәа мҩаҧысуеит, аха адемократиатә нормақәа рыхьчарада
Европарламент арезолиуциа – Уажәшьҭарнахыс Венгриа «алхратә автократиа» ҳәа азуҳәар ҟалоит, уаҟа еиҧҟьарада алхрақәа мҩаҧысуеит, аха адемократиатә нормақәа рыхьчарада

Европарламент ахәылацәа ргәаанагарала, уажәшьҭарнахыс Венгриа инагӡаны адемократиатә тәылас иузыҧхьаӡаӡом. Ари атәы иануп Евроеидгыла азакәанҧҵаратә орган арезолиуциаҿы. Ари аинформациа аланарҵәеит Еврониус.

Адокумент инақәыршәаны,  уажәшьҭарнахыс Венгриа «алхратә автократиа» ҳәа азуҳәар ҟалоит, уаҟа еиҧҟьарада алхрақәа мҩаҧысуеит, аха адемократиатә нормақәа рыхьчарада.

Адокумент аҿы Европарламент адепутатцәа аҭакҧхықәра наӡа Венгриа  аҧыза-министр Виктора Орбан иқәырҵеит, иареи дызхагыло аиҳабыреи Европа ахадаратә принципқәа ратәамбара рхарарҵоит.

Арезолиуциаҿы Европарламент адепутатцәа агәынамӡара аадырҧшит Венгриа  ауаҩытәыҩса ихадаратә зинқәа рыхьчара аганахьала иҟоу апроблемақәа ирыдҳәаланы. Зыӡбахәы ҳәоу апробламақәа иреиуп   алхратә системеи, ихьыҧшым аиашаӡбареи, ажәа ахақәиҭреи, АИХ аплиурализми, асексуалатә аиҵара рзинқәеи, аетникатә аиҵара рыхьчареи.

Иара убас, Европарламент адепутатцәа Евроеидгыла аинститутқәагьы акритика рзыруит, избанзар, дара ари атәылаҿы  адемократиа ахьацра изаҿамгылеит.