Европарламент Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит. Ари арезолиуциа 2023 – 2024 шықәсқәа ирыдҳәаланы Еврокомиссиа иҟанаҵаз аҳасабырбақәа ирызкуп.
Адокумент иадгылеит 490ҩык адепутатцәа, 147ҩык иақәшаҳаҭымхеит, 49ҩык рҽааныркылеит.
Арезолиуциа ишану ала, «Европарламент даҽазнык ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла аполитикатәи аконституциатәи кризис аҭыҧқәҵара шыҟало анеҩстәи амзақәа рзы иаҳа еиҕьу алхратә ҭагылазаашьақәа рыла аҿыц апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгара мацарала».
Иара убас, арезолиуциа иануп: «Европарламент иаҵшьны иазгәанаҭоит иҧаршеиз апарламенттә алхрақәа рышьҭахь апартиа „Ақырҭуа гәахәтәы“ еиҿнакааз аиҳабыра ишазхарымҵо, Қырҭтәыла „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапаҿы иҟоу ҳәынҭқаррас ишырыҧхьаӡо».
Арезолиуциаҿы Европарламент адепутатцәеи ахаҭарнакцәеи рахь ааҧхьара ҟаҵоуп де-факто ахада индыркны арежим ахаҭарнакцәа ирҧымларц; Қырҭтәыла ахадас, ақырҭуа жәлар рхаҭарнакс уажәгьы дрыҧхьаӡоит Саломе Зурабишвили.
Арезолиуциаҿы ааҧхьара ҟаҵоуп Биӡина Иванишвилии иҭаацәара алахәылацәеи зыҧшра ҟамҵакәа асанкциақәа рзышьақәыргылареи аҳәаанырцә иҟоу ифинанстә активқәа рырҵаареи азы.
Арезолиуциа аҭынчратә протестқәа рылахәылацәа рганахьала амчыларатә репрессиақәа ҕәҕәала ирықәыӡбоит.
Иара убас, арезолиуциаҿы Михаил Саакашвили агуманитартә мзызқәа рымшала зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәразы аҳәара иқәыргылоуп. Адокументаҿ ишазгәаҭоу ала, Қырҭтәыла анапхгара Саакашвили игәабзиаразы аҭак рыҧхықәуп.