"Европаҟа ахынҳәра» —  Ахьыҧшымра амш  инамаданы аефир ҷыда Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы

Лаҵара 26 Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азгәарҭоит.

Ари амш инамаданы, иахьа асааҭ  17:00 инаркны, Қырҭтәыла Актәи аканал ахәаҧшцәа аефир ҷыда рыднагалоит. Апрограмма  «Европаҟа ахынҳәра» мҩаҧигоит Давиҭ Горгилаӡе.

Ари аефир азы Актәи аканал амҩаҧгаҩцәа  Европа еиуеиҧшым ақалақьқәа рҟынтә арепортажқәа дырмазеит.

Қырҭтәыла имҩаҧысуа аофициалтә уснагӡатәқәа Актәи аканал аҿы иалагоит асааҭ  12:00 инаркны, уи аамҭазы арратә маҵзурахьы  инаҧхьоу аҿар ҭоуба шьҭарҵоит. Анеҩс, уаҟа иқәгылоит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии, аҧыза-министри,  апарламент ахантәаҩи, атәылахьчара аминистри, Атәылахьчаратә мчқәа рҧызеи.

Аныҳәатә уснагӡатәқәа инарываргыланы, Актәи аканал ахәаҧшцәа ирыднагалоит асахьаркыратәи адокументалтәи фильмқәа.