Европа Ахилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла иазку арезолиуциа апроект цәырнагеит
Европа Ахилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла иазку арезолиуциа апроект цәырнагеит. Арезолиуциа апроект авторцәоуп Едит Естреллеи Сабина Чудичи.
Арезолиуциа апроект ишану ала, Қырҭтәыла анапхгара Қырҭтәыла иҟоу адемократиатә кризис алҵразы жәларбжьаратәи ауаажәларра иҟарҵо абжьагарақәа иатәарбом.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла анапхгара имҩаҧырго аизолиациатә политикеи, жәларбжьаратәи ауаажәларра рганахьала шьаҭак зҵам ахарадҵарақәеи ирықәыӡбоит. Иара убас, арезолиуциа апроект аҿы Мзиа Амаҕлобелии аоппозициатә лидерцәеи рбаандаҩтәра иақәыӡбоит. Ассамблеиа алахәылацәа ргәаанагарала, арҭ ауаа аанкылоуп аполитикатә ашьаҭала.
Иара убас, арезолиуциаҿы, жьҭаара 4 рзы Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу аҭыҧантәи алхрақәагьы ирылацәажәоит.
«Ассамблеиа алахәылацәа гәалсрала иазгәарҭоит аҿыц демократиатә алхрақәа рымҩаҧгаразы иманшәалоу алхратә лагылазаара аҧҵара апроцесс зыҧшра ҟамҵакәа алагара иазкны иҟарҵаз ааҧхьара шынагӡам. Убри азоуп аоппозициатә партиақәа аҭыҧантәи алхрақәа рҽалархәразы мап зыркыз. Иара убас, Ассамблеиа алахәылацәа гәалсрала иазгәарҭоит арепутациа бзиа змоу атәылауаҩратә уаажәларра аиҿкаарақәа, атәылауаҩратә уаажәларра рықәыҕәҕәара амшала, арҭ алхрақәа рыцклаҧшразы мап шыркыз. Убри адагьы, Қырҭтәыла анапхгара, Европа Ахеилак аҭыҧантәии арегионалтәии напхгарақәа рконгресс алхрақәа рыцклаҧшразы ааҧхьара рырымҭеит, Ассамблеиа алахәылацәа ари афактгьы иақәыӡбоит. Убри адагьы, Ассамблеиа алахәылацәа агәалсра ду аадырҧшуеит Қырҭтәыла анапхгара, хықәкыла, OSCE/ODIHR ашҟа иагханы ааҧхьара ахьдәықәырҵаз азы, убри амшала, OSCE/ODIHR зыӡбахәы ҳәоу алхрақәа изрыцклаҧшуам», — иануп арезолиуциа апроект аҿы.
Уаҵәы Европа Ахеилак аҿы Қырҭтәыла иазку адебатқәа мҩаҧысуеит.