Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы диԥылеит
Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) адиректор Ноель Куран Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили диԥылеит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвилии уаажәларратә дырраҭара ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Васил Маӷлаԥериӡеи.
Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор Ноель Куран ишазгәеиҭаз ала, апарламент ахантәаҩы иҟны аконструктивтә аиԥылара мҩаԥган.
Қырҭтәыла Актәи аканал агенералтә директор Ҭинаҭин Берӡенишвили лажәақәа рыла, апарламент ахантәаҩы иҟны ихадоу аиԥылара мҩаԥган.


