“Еврониус” - Азербаиџьантәи аҳаирплан акаҳара урыстәылатәи аҳауахьчаратә система иахҟьазар ҟалап
“Еврониус” - Азербаиџьантәи аҳаирплан акаҳара урыстәылатәи аҳауахьчаратә система иахҟьазар ҟалап

Азербаиџьантәи аҳаирплан акаҳара урыстәылатәи аҳауахьчаратә система иахҟьазар ҟалап, – аанацҳаит “Еврониус”.

Акьыԥхь анонимтә ахыҵхырҭақәа рҟынтә аиуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны ишаанацҳаз, Грозныи ианазааигәха, еиқәҳаз апассаџьырцәа аԥжәарабжьы раҳан, аҳаирплан акорпус аԥхасҭа аиун, уи акаҳара алагеит.

Арратә блогер иҟаиҵаз аҳәамҭала, аҳаирплан акорпус аиуз аԥхасҭала иубарҭоуп ари аҳауахьчаратә аракетатә система амшала шыҟалаз. Ари аверсиа аларҵәара ду аиуит асоциалтә ҳақәа рҿгьы. 

“Еврониус” ишаанацҳаз ала, ԥхынҷкәын 25 рзы, шьыжьымҭан Урыстәыла аҳауахьчаратә система Аҩадатәи Кавказ регионқәак рҿы украинатәи дронқәа ржәылара иаҿагылон.

Иацы, азербаиџьантәи авиацәаҳәақәа» апассаџьыртә ҳаирплан Казахстан, Актау аҳаирбаҕәаза ааигәара икаҳаит, аҳаирплан иақәтәан  67-ҩык, урҭ рҟынтә 32-ҩык еиқәхеит. Аҳаирплан Бақәантә Грозныи ақалақьахь иҧыруан. Аҳаирплан каҳаанӡа ашәарҭара адырга ҟаҵан. Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, аҳаирплан иақәтәан  67-ҩык,  62-ҩык апассаџьырцәеи 5-ҩык аекипаж алахәылацәеи.

Казахстан Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, аборт иақәҭәан Азербаиџьан 37-ҩык атәылауаа, Урыстәыла 16-ҩык атәылауаа, хҩык Казахстан атәылауаа, хҩык Кыргызстан атәылауаа.