Еврокомиссиа арекомендациа – Акоронавирус азы алаҵа ззыҟаҵоу атуристцәа Европа аҭаара зин рымазароуп
Еврокомиссиа арекомендациа – Акоронавирус азы алаҵа ззыҟаҵоу атуристцәа Европа аҭаара зин рымазароуп

Еврокомиссиа арекомендациа инақәыршәаны, акоронавирус азы алаҵа ззыҟаҵоу атуристцәа Европа аҭаара зин рымазароуп – иануп лаҵара 3 рзы Еврокомиссиа аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.

Еврокомиссиа аҳәамҭа аҿы ишану, Европа аҭаара зин рымазароуп аепидҭагылазашьа ахьҭышәынтәалоу, Европа амедикаментқәа рагентра аҟынтә авторизациа змоу, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи еиҿкаара арекомендациақәа рыла алаҵақәа ззыҟарҵаз атәылақәа ртәылауаа.

Еврокомиссиа арекоменадциа лаҵара 4-5 рзы Европатәи ахеилак аҿы иахәаԥшуеит. Арекомендациа шьақәдырӷәӷәар, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рхатә гәаԥхарала уи анагӡара рылгахоит.