Еврокомиссиа алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа абжьбатәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит
Еврокомиссиа алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа абжьбатәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит

Еврокомиссиа алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыло асанкциақәа абжьбатәи апакет азы еиқәшаҳаҭхеит. Еврокомиссиа ицәырнагаз аҧкрақәа иреиуп урыстәылатәи ахьы азы аембаргои Урыстәылаҟа атехнологиақәа рекспорт ақәиҭымтәреи.

Аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, иахьа Еврокомиссиа,   апакет ҿыц азы иҟаҵаз азеиҧш ажәалагалақәа шьақәнарҕәҕәеит.

«Урыстәыла Украина иаҿагыланы гәымбылџьабатә еибашьра нанагӡоит. Убри аҟынтә, иахьа ишәыдаагалоит Кремль иаҿагыло асанкциақәа рырџьбареи,  иаҳа еффектла рымҩаҧгареи,   2023 шықәса ажьырныҳәанӡа рынагӡареи. Москва ахатә агрессиазы ахә ду ашәара ақәшәоит», — илҳәеит Еврокомиссиа ахантәаҩы  Урсула фон дер Лаиен.

Еврокомиссиа еиқәнаршәаз асанкциақәа рпакет ҿыц иахәаҧшроуп Евроеидгыла алахәылацәа,  анеҩс,  ишьақәырҕәҕәазароуп Евроеидгыла ахеилак ала.