Лаҵара 9 рзы Евроеидгылеи уи иалоу атәылақәи Европа амш иазгәарҭоит – Европа аҭынчреи акзаареи азаанагаз амш.
Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Ҳерчински ари амш инамаданы авидеоааԥхьара алаирҵәеит. Уи Қырҭтәыла ауааԥсыра Европа амш ақырҭуа бызшәала рыдиныҳәалеит
Европа амш иазгәарҭоит Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыцҳаражәҳәарақәа рхаҭарнакцәагьы. Авидеоҿ ацҳаражәҳәаҩҵәа рхатәы бызшәақәа рыла иаҳзеиҭарҳәоит дара рзы Европа иаанаго.
Иара убас, Русҭавели амилаҭтә театр аҿы, Европа амш инамаданы аныҳәатә уснагӡатә мҩаԥнагоит. Ауснагӡатә аадыртуеит Павел Ҳерчинскии Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии. Ауснагӡатә ахь иааԥхьоуп аиҳабыреи, адипкорпуси, аҟазареи, аихқәеи рхаҭарнакцәа.
Қарҭт Евроеидгыла аԥштәқәа рыла идырлашоит “Аҭынчра ацҳеи” ателебааши, Баҭым – астадион.