Саломе Зурабишвили - Аоппонентцәа рыԥҟара, рыршәара, адемонстрантцәа реимырппра, арепрессиақәа уҳәа уб. егь. агәымбылџьбаратә методқәеи Европеи еиԥшу ҳәа акгьы рымам, ари авторитартә режим азы иазҷыдаҟазшьоуп

Аоппонентцәа рыԥҟара, рыршәара, адемонстрантцәа реимырпра, арепрессиақәа уҳәа уб. егь. агәымбылџьбаратә методқәеи Европеи еиԥшу ҳәа акгьы рымам, ари авторитартә режим азы иазҷыдаҟазшьоуп, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Русҭавели атеатр аҿы Европа амш инамаданы имҩаԥгаз ауснагӡатә аҿы данықәгылоз.

Саломе Зурабишвили лажәақәа рыла, ақырҭуа милаҭ иҟәышуп, апровокациақәа рыҿагылара алшоит.

„Иахьа амилаҭ аганахьала аҭыԥ амоуп амчылара. Аоппонентцәа рыԥҟара, рыршәара, адемонстрантцәа реимырпра, арепрессиақәа уҳәа уб. егь. агәымбылџьбаратә методқәеи Европеи еиԥшу ҳәа акгьы рымам, ари авторитартә режим азы иазҷыдаҟазшьоуп; иҳацхраауаз, ихадгылоз апартниорцәа рганахьала амчылареи рықәыӷәӷәареи  – ари амчылара акомпонентк ауп. Ақырҭуа милаҭ иҟәышуп, апровокациақәа рыҿагылара алшоит, аконфронтациа адгылом, амҩа нанагӡоит, алхрақәа рышҟа европатәи амҩала аныҟәара нанагӡоит”, – илҳәеит Қырҭтәыла ахада.