Евроеидгыла ахаҭарнакра - Нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 14 шықәса ҵит, Евроеидгыла Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа - Аԥсни "Аахыҵ Уаԥстәылеи" рымпыҵахалареи арҭ аҵакырадгьылқәа рҿы урыстәылатәи арратә мчқәа рыҟазаареи еиҭах иаҿагылоит
Евроеидгыла ахаҭарнакра - Нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 14 шықәса ҵит, Евроеидгыла Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа - Аԥсни "Аахыҵ Уаԥстәылеи" рымпыҵахалареи арҭ аҵакырадгьылқәа рҿы урыстәылатәи арратә мчқәа рыҟазаареи еиҭах иаҿагылоит

Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара 2008 шықәса нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 14 шықәса ҵра инамаданы, Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо аҳәамҭа ҟаиҵеит.

Аҳәамҭаҿ ишану ала, Евроеидгыла Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни “Аахыҵ Уаԥстәылеи” рымпыҵахалареи арҭ аҵакырадгьылқәа рҿы урыстәылатәи арратә мчқәа рыҟазаареи еиҭах иаҿагылоит.

“Нанҳәатәи аибашьра ҟалеижьҭеи 14 шықәса ҵит, Евроеидгыла иаҿагылоит Урыстәыла Украина аганахьала имҩаԥнаго агрессиатә аибашьра, иара убас  Евроеидгыла Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни “Аахыҵ Уаԥстәылеи” рымпыҵахалареи арҭ аҵакырадгьылқәа рҿы урыстәылатәи арратә мчқәа рыҟазаареи еиҭах иаҿагылоит. Ари жәларбжьаратәи зини 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәеи реилагароуп.

Аимак аан аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рзинқәа реилагара нагӡоит, “абордеризациа” апроцесси, аиасратә пунктқәа рыркреи, изакәаным аанкыларақәеи уахь иналаҵаны. Урҭ реиҭаҵра ахақәиҭра аилагара аанкылатәуп.

Аимак аҭыԥқәҵара ҳадгылоит, иара убас ҳрыдгылоит Женеватәи жәларбжьаратәи адискуссиақәа рхантәаҩцәа рранг аҿы Евроеидгыла аҽалахәреи, Аахыҵ Кавкази Қырҭтәыли акризисқәа рызҵаарқәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда иусзуреи, аҭыԥ аҿы иҟоу Евроеидгыла анаԥшратә миссиа аусзуреи. Евроеидгыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит”, – иануп аҳәамҭа аҿы