Евроеидгыла ахаҭарнакра авизада анеиааира аҧҟара ҿыцқәа ирызку аинформациа аланарҵәеит
Евроеидгыла ахаҭарнакра авизада анеиааира аҧҟара ҿыцқәа ирызку аинформациа аланарҵәеит

Евроеидгыла ахаҭарнакра авизада анеиааира аҧҟара ҿыцқәа ирызку аинформациа аланарҵәеит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Евроеидгыла атәылақәа рахь идәықәлар зҭаху ауааҧсыра рзы аинформациа аланарҵәеит.

Аинформациаҿы ишазгәаҭоу ала, Европаҟны авизадатә режим змоу 59 ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа,  Қырҭтәыла атәылауаагьы, 2024 шықәса инаркны адәықәларазы заанаҵы ақәшаҳаҭра роуроуп.

„ Евроеидгыла атәылақәа рахь идәықәлар зҭаху ауааҧсыра рзы аинформациа: Европаҟны авизадатә режим змоу 59 ҳәынҭқаррақәа ртәылауаа,  Қырҭтәыла атәылауаагьы, 2024 шықәса инаркны „Аинформациеи авторизациеи асистема“ (ETIAS) аҟынтә адәықәларазы заанаҵы ақәшаҳаҭра (авторизациа) роуроуп. Евроеидгыла ари аҳәара шьақәнаргылеит Шенгентәи азона иаҵанакәа 27 ҳәынҭқаррақәеи, Болгариеи, Румынтәылеи, Кипри идәықәлар зҭаху ауааҧсыра рзы.

Хымҧада иазҧхьагәаҭатәуп: ETIAS авиза акәӡам! Қырҭтәыла атәылауаа, аҿҳәаракьаҿлатәи авизитқәа рзы авизадатә режим ахархәара нарыгӡоит.

Ацәгьахәыцыҩцәа шәҽырцәыхьча! ETIAS аофициалтә веб-даҟьа заҵәуп: www.europa.eu/etias.

ETIAS асистема макьана аус ауам. Уи аусура ианалагалак, арзаҳал аформа икьыҧхьхоит аофициалтә вебдаҟьаҿы.

Инарҭбаау аинформациа жәбар шәылшоит: europa.eu/!FnfNwM“  аҿы –  иануп аинформациаҿы.