Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ааҧхьара ҟарҵоит  «Мрагыларатә партниорра» иалахәы атәылақәа ааҧынранӡа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ала реиқәыршәаразы
Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ааҧхьара ҟарҵоит  «Мрагыларатә партниорра» иалахәы атәылақәа ааҧынранӡа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ала реиқәыршәаразы

 

Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ааҧхьара ҟарҵоит  «Мрагыларатә партниорра» иалахәы атәылақәа, Қырҭтәылагьы нрылаҵаны,  ааҧынранӡа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ала реиқәыршәаразы. Ари атәы иануп Евроеидгыла ахьӡала идәықәҵаз ашәҟәы аҟны.

Евроеидгыла иалоу 13 ҳәынҭқарра рҭахарнакцәа  ргәаанагарала, Евроеидгыла иаҧырҵароуп  авакцина аиуразы ирмариоу  амеханизм.

Ашҟәы рнапы аҵарҩит Мрагыларатә Европа атәылақәеи, Швециеи, Даниеи,  Финлиандиеи  рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа.

Қырҭтәыла адагьы, апрограмма «Мрагыларатә партниорра» иалахәып Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи, Беларуси, Молдовеи, Украинеи.