Қырҭтәыла иаҭаауеит Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа
Қырҭтәыла иаҭаауеит Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа

2023 шықәса абҵара 6-8 рзы Қырҭтәыла иаҭаауеит Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа. Евроеидгыла ахеилак уажәтәи анапхгаҩы-тәыла ауп Испаниа.

Ари атәы аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аделегациақәа Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили шьыбжьхьа аформат аҿы дырԥылоит. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны аделегациақәа рхаҭарнакцәа ирԥылоит аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии аиҳабыра рхаҭарнакцәеи. Иара убас, ацҳаражәҳәаҩцәа ампыҵахаларатә цәаҳәашҟа инеины, ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа гәарҭоит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, авизит Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара апроцесс азы ихадароу аетап аан нагӡоит, атәыла  Евроекомиссиа арҭбаара апакет анцәырнаго амш иазыԥшуп, убри аҟынтә Евроеидгыла 20-нӡа атәыла-алахәылацәа рхаҭарнакцәа ҳҭәыла аҭаара аҵак ду амоуп.

Мрагыларатә партниорра азҵаарақәа рзы Евреоидгылеи атәыла алахәылацәеи рыцҳаражәҳәаҩцәа атәылаҿ имҩаԥгаз ареформақәа рылҵшәақәа аҭыԥ аҿы рбара ирылшоит .