Ԥхынҷкәын 12 рзы Бриуссель имҩаԥысуа "Мрагыларатә партниорра" аминистериал ихы алаирхәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр
Ԥхынҷкәын 12 рзы Бриуссель имҩаԥысуа "Мрагыларатә партниорра" аминистериал ихы алаирхәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр

Ԥхынҷкәын 12 рзы Бриуссель имҩаԥысуа “Мрагыларатә партниорра” аминистериал ихы алаирхәоит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили.

“Мрагыларатә партниорра” аминистериал ашьҭахь Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа аусура нарыгӡоит Евроеидгыла адәныҟатә аусқәа рхеилак аилатәара аформат аҿы.

Евроеидгыла ахеилак аинформациала, Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи, Азербаиџьани, Шәамахьтәылеи – “Мрагыларатә партниорра” алоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа  Евроеидгыла иалоу атәылақәа рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа ирԥылоит.

Аминистериал ахантәаҩра азиуеит адәныҟатәи ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа вице-ахада Жозеп Боррель. Аминистериал ихы алаирхәоит арҭбаареи агәыалартә политикеи рызҵаарақәа рзы еврокомиссар Оливер Варҳеи.