Ерик Шерер - Ауаажәларратә дырраҭара аус ду ҟанаҵоит, уи зхы иақәиҭу ихьыԥшым аих ауп, ари хымԥада хьчатәуп
Ерик Шерер - Ауаажәларратә дырраҭара аус ду ҟанаҵоит, уи зхы иақәиҭу ихьыԥшым аих ауп, ари хымԥада хьчатәуп

Ауаажәларратә аих ауаажәлари ҳареи рыбжьара агәрагара арӷәӷәаразы ихадоу акоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит,  – иҳәеит Европа адырраҭарақәа реидгыла Ажәабжь ҿыцқәа ркомитет ахантәаҩы Ерик Шерер.

„Ауаажәларратә аих ауаажәлари ҳареи рыбжьара агәрагара арӷәӷәаразы ихадоу акоуп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Евроеидгылаҿ ауаажәлар зегь реиҳа ауаажәларартә аихқәа рыгәра ргоит. Ари азоуп иахьатәи аконференциа аҵак ду изамоу. Ҳара ааԥхьара ҿыцқәа рҿаԥхьа ҳгылоуп, иаҳҳәап “Ачат GPT“ , уи анаалара амҩақәа,  хырҳагас амоу, аклимат аԥсахра, аибашьра, Украина ицо аибашьра, мрагылараҿ иҟоу аибашьрақәа ҳажәабжьқәа рҿы ишаарԥштәу. Абри ауп хықәкы хадас иҳамоу“, – иҳәеит Ерик Шерер.

Қырҭтәыла Ауаажәларратә дырраҭараҿ  Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) ажәабжь ҿыцқәа 2023 шықәсатәи рассамблеиа мҩаԥысуеит. 18-тәи ассамблеиа “Редиссон блу Ивериаҿ”  мҩаԥысуеит. Аконференциа аадыртит Европа адырраҭарақәа реидгыла (EBU) Ажәабжь ҿыцқәа ркомитет ахантәаҩи, Европа адырраҭарақәа реидгыла адиректор хадеи, Актәи аканал адиректор хадеи аадыртит. Аконференциа рхы аладырхәоит Европа адырраҭарақәа рниусрумқәа рнапхгаҩцәа.