Ергнеҭи Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 106-тәи аиԥылара мҩаԥысит
Ергнеҭи Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны 106-тәи аиԥылара мҩаԥысит

Ергнеҭи Аинцидентқәа рықәҿыҭреи раԥыҟәҟәаареи рзы амеханизм (IPRM) аҳәаақәа ирҭагӡаны 106-тәи аиԥылара мҩаԥысит.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аинформациа ала, Қырҭтәыла ацентртә напхгара изхылаԥшуа аҵакырадгьыл аҿы имҩаԥгаз аиԥылараҿ иахәаԥшит зхы иақәиҭу аныҟәаразы алагалоу аԥкрақәа рызҵаара.  Иара убас иқәгылан ампыҵахаларатә мчқәа иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа зыԥшра ҟамҵакуа рхақәиҭтәра азҵаара.

Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҟынтә ишаарыцхаз, аиԥылараҿ ирыхәаԥшит ампыҵахаларатә цәаҳәаҿ аҭыԥ змаз аинцидентқәа зегьы. Иара убас изааҭгылеит Мшаԥы аныҳәаишқәа рзы ампыҵахаларатә цәаҳәа иаԥну ақыҭақәа ирықәынхо ауааԥсыра  ршәарҭадара ахьчара азҵаара.

IPRM иашьҭанеиуа амԥылара 2022 шықәса рашәара 7 рзы мҩаԥгахоит.