«Америка ахәыҷқәа алаҵақәа рзыҟаҵара иалагоит ашықәс анҵәамҭазы, ма 2022 шықәса актәи азбжазы», — иҳәеит Америка Аллергиеи аинфекциатә чымазарақәеи рзы амилаҭтә центр адиректор.
Иара убас, Фаучи ишиҳәаз ала, 8–12 мза рышьҭахь авакцина ахҧатәи адозагьы аҭаххар ҟалап.
«Сара сақәгәыҕны исҳәар сылшоит авакцина ахҧатәи адоза шаҳҭаххо, избанзар акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина, иаҳҳәап, абҷы авакцина еиҧш, аҿҳәара ду амам», — иҳәеит Ентони Фаучи.