Ентони Блинкен иааԥхьара ашьҭахь, Судан 24 сааҭ рыла ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит
Ентони Блинкен иааԥхьара ашьҭахь, Судан 24 сааҭ рыла ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит

ЕАШ аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иааԥхьара ашьҭахь, Судан 24 сааҭ рыла ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит, – ари аанацҳаи “Роитер”.

Акьыԥхь аинформациа ала, ахымца аанкылахоит аҭыԥантәи аамҭала асааҭ 18:00 инаркны.

“Адгылара лас мчқәа” рлидер Муҳамед Ҳамдан Дагал иажәақәа рыла, ахымца аанкылара ауааԥсыра ишәарҭам реиҭаҵреи ахәрақәа зауз ревакуациеи рзы ирылаҳәан.

Аџьар Ҟаԥшь жәларбжьаратәи аиҿкаара ахаҭарнакцәа ишаарыцҳаз, агуманитартә аидара ашьҭра аҳҭнықалақь иакәыршаны ирылшом, атәыла агәабзиарахьчаратә система аколлапс иҭагылар ҟалап.