Еммануель Макрон - Владимир Путин Европа аҭынчреи аҭышәынтәалареи дрықәлеит
Иахатәи ахҭысқәа Европеи Фрнциеи рҭоурых аҿы аҽыԥсахратә моментуп, уи алҵшәа наӡа аиуеит ҳаԥсҭазаареи агеополтикеи рхырхарҭала, – иҳәеит Франциа ахада Емануель Макрон.
Франциа ахада иажәақәа рыла,Франциеи европатәи апартниорцәеи адгылаҩцәеи акризис аԥырҟәҟәааразы ирылшоз зегь ҟарҵеит, аха ари афакт мраҭашәарантә ақәҿыҭра ӷәӷәа аиуеит.
“Украина ахада дсырҳәар сҭахуп, уи афырхаҵара ду ааирԥшит. Рхақәиҭра ҳара ҳхақәҭрагьы ауп. Адипломатиатә мҩа мап ацәкрала ахада Путин Украина дажәылеит, Украина асуверенитет еилаигеит. Владимир Путин Европа аҭынчреи аҭышәынтәалареи дрықәлеит. Урыстәыла аганахьала ишьақәгылоу асанкциақәа агрессиа иашьашәлоуп. Ҳара Украина ҳадгылоит, европатәи ҳадгылаҩцәа рсуверенитети ршәарҭадареи рыхьчаразы аҭакԥхықәра ҳгоит,” – иҳәеит Макрон.