Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа ирызку адыррақәа аус рыдуларц
Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа ирызку адыррақәа аус рыдуларц

Франциа ахада Еммануель Макрон арегионқәа рнапхгаҩцәа адҵа риҭеит арадикалтә хаҿқәа зегьы ирызку адыррақәа аус рыдуларц, ҷыдала ирзааҭгыларц кавказтәи ахылҵшьҭра змоу ахаҿқәа.

Францызтәи аихқәа ишаарыцҳаз, Франциа ахада идҵаны иқәиргылоит “ацәымӷареи атерористтә идеологиеи ныҟәызго зегь рганахьала ахьамҵра аарԥшра”.

Франциа ахада Еммануель Макрон идҵала, апрефектурақәа арадикализациа аҿагыларазы аиԥыларақәа мҩаԥыргароуп аполициеи, ажандармериеи, аӡбарҭеи аԥшыхәреи рхаҭарнакцәа рҟны. Агәаҭарақәа хықәкыс ирымоуп арадикалтә хаҿқәа зегьы ирызку раарԥшреи, Франциантә ркарцреи.

Франциа ахада Еммануель Макрон Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Џьеральд Дарманин адҵа ииҭеит ҷыдала иахылаԥшырц кавкахтәи ахылҵҽьҭра змоу, 16-25 шықәса зхыҵуа агәыԥқәа рхаҭарнакцәа.

Жьҭаара 13 рзы Франциа, Арас ақалақь аҿы чечентәи ахылҵшьҭра змлу Моҳамед Могоучков алитература апрофессор Доминик Бернар дишьит.